Республика Абхазия, г.Сухум, ул.Званба, 18

Новости

Новости - События - Анонсы

Среда, 25 мая 2022 18:50

Ауаажәларратә палата алахәылацәа Амҳаџьырқәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

Аԥсуа-абаза, аубых жәларқәеи ҳаешьаратә кавказ жәларқәеи зегьы рзы ирыцҳара духаз ахҵәара иалаӡыз ргәалашәара аҽны Аԥсны ауаажәларратә палата алахәылацәа Амҳаџьырқәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Апалата алахәылацәа ргәаанагарала, абри атрагедиатә аамҭа ахашҭра азин ҳамам. Ҳара зегьы ҳаидызкыло акоуп ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл алахьынҵа азхәыцра, уи аԥеиԥш ахӡыӡаара, акала ҳахәартә еиԥш аҽазышәара.

Прочитано 258 раз Последнее изменение Среда, 25 мая 2022 18:51

Галерея изображений

Image