Аҧсны Ауаажәларратә палата алахәылацәа Аҧсны жәлар ирыдырныҳәалоит Аиаааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа 28 шықәса ахыҵра.
"1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аԥсуаа риааирала иахьеилгаз – ажәлар ракзаара иабзоуроуп.
Аибашьра ҳҭоурых ианхалеит атрагедиеи афырхаҵареи аазырԥшуа даҟьаны: иреиӷьӡаз Аԥсны аҵеицәа ршьала иааган ахақәиҭра, урҭ аӷа гәышԥыла иҿагылеит, хьаҵрак ҟамҵакәа рыжәлар, рыԥсадгьыл еиқәдырхеит.
Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз ҳашьцәа рыцхыраарала, аԥсуаа адунеи зегь иадырҳаит ахьыԥшымразы азин шрымоу, рхатәы ҳәынҭқарра аргылара ишаԥсоу, еиҵагыло абиԥара ҿыцқәа рԥеиԥш лашазарц азы.
Нагӡара ақәзааит зхы иақәиҭу Аԥсынра!"